Кәыҵниа: Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны абылраҽацәыхьчаразы ирыгу шыҟоу раҳҳәахьан
© Sputnik
"Ахыб мҿыла еибаркын, ирласны амца амкыртә еиԥш ишахәҭоу аус адуламызт. Ҳара уи азы изныкымкәа ақьаадқәа ҳаҩхьан, аха алшара ахьрымамыз аҟынтәи аума, изыхҟьаз ҳаздыруам, аӷәы амца акит. Хымз-ԥшьымз раԥхьа ашкол аҟны агәаҭарақәа мҩаԥаагахьан апрокуратура аусзуҩцәеи ҳареи, иҟан ирыгқәаз уажәраанӡа инармыгӡацыз. Ашкол иамаӡам абылраҽацәыхьчаратә сигнализациа, уигьы раҳҳәахьан, аха ақәыргыларазы алшара рымамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.