Зеленски ихьӡала Вышински ихақәиҭтәразы ажурналистцәа ашәҟәы нарышьҭит

Аграждантә уаажәларра рыҿиареи ауаатәыҩса рхақәиҭреи рзы Ахеилак уаанӡа адырра ҟанаҵахьан Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски ихьӡала ашәҟәы шаздырхио азы, апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус аганахь ала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 — Sputnik. Апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ихы иақәиҭтәразы ажурналистцәа Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски иахь инарышьҭыз ашәҟәы рнапы аҵарҩит 240-ҩык ауаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Симониан Вышински идгыларазы акциа мҩаԥгазарц ааԥхьара ҟалҵеит

Урыстәылатәи ажурналистцәа рпетициа атекст амаҵзура асаит аҿы ицәыргоуп.

Апетициа рнапы аҵарҩит: ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Соловьев, МИА "Россия сегодня", RT, Sputnik рредактор хада Маргарита Симониан, ателеканал "Россия-1" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Брилиов, ателеканал ТВЦ адиректор хада Иулиа Быстрицкаиа, ТАСС адиректор хада Сергеи Михаилов, аредактор хада Максим Филимонов, ателеканал НТВ аредактор хада Александра Кошарницкаиа, "Матч-ТВ" апродиусер Тина Канделаки, амаҵзура "Росбалт" адиректор хада Николаи Улианов, "Россиа 1" амҩаԥгаҩцәа Ольга Скабеевеи Евгени Попови, апортал LIFE аредактор актәи ихаҭыԥуаҩ Андреи Гридасов, ажурналистцәа Пиотр Толстои, Евгени Примаков, Евгени Ревенко уҳәа егьырҭгьы.

Урыстәылатәи ажурналистцәа Зеленски иҳәеит Вышински иоужьраҿ ацхыраара иурц>>

Акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш (World Press Freedom Day) азгәарҭоит есышықәса лаҵара 3 рзы.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Вышински иус ахәаԥшра лаҵара 7 рахь ииагоуп

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.