Ҟрым аҳәаа рӷәӷәоуп украинатәи атуристцәа рырацәахара инадҳәаланы

Аҳәаахьчаҩцәа рдыррақәа рыла иазыԥшуп апассаџьырцәеи атранспорти рырацәахара.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik. Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭа украинантәи апассаџьырцәеи атранспорти рырацәахара инадҳәаланы Ҟрым аҳәаа ахьчара дырӷәӷәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Украина аҳәаа еилазго урыстәылаа ашьаус рақәыршәаразы азакәан рыдыркылеит

"Атранспорт рырацәареи ауаа агәаран рықәгылареи аҭыԥ рмоуразы еиҿкаахоит аҳәаахьчаратә нариадқәа рырӷәӷәареи рхыԥхьаӡара ацҵареи", - аҳәоит Урыстәыла АШәМ Ҟрымтәи аҳәаахьчаратә Усбарҭа адырраҭара.

Аҳәаахьчаҩцәа рдыррақәа рыла Амшаԥныҳәеи маитәи аныҳәақәеи инарыдҳәаланы аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Армянск", "Джанкой" рҟны ауаа рырацәареи атранспорт арацәареи азгәаҭан.

Аҳәаахьчаҩцәа абжьгара ҟарҵоит аҳәынҭқарратә ҳәаа еиҳа иманшәаланы ахысразы ахархәара рыҭазарц аушьҭырҭа ҭыԥқәа рыхԥагьы ("Армянск", "Джанкой", "Перекоп").