Пермтәи атәылаҿацә ахимиатә зауад аҟны аԥжәара ҟалеит

Азауад "Уралхим" аҟны аремонттә усурақәа анымҩаԥыргоз аамҭаз иҟалаз аԥжәара иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6– Sputnik. Ақалақь Березники аҿы азауад "Уралхим" аҟны аремонттә усурақәа анымҩаԥыргоз иҟалаз аԥжәара иахҟьаны хҩык ауаа ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ишәарҭоу ааглыхратә обиектқәа ршәарҭадара аилагара ахәҭаҷ инақәыршәаны аусҭҵаара напанаркит.

Аусҭҵааҩцәа аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа агәаҭара иаҿуп, ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхуеит, атехникатә документациа шьҭырхуеит, ашьҭаԥшратә камерақәа рҭаҩрақәа ҭырҵаауеит.

Ахара зду быжьшықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәоит.