Арадио

Сақаниа агәыразратә спектакль азы: актиор иҷыдоу агәалаҟара инаҭоит

Аҳәынҭқарратә аҿартә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мдар Сақаниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит агәыразратә уснагӡатә аҳасабала ахәаԥшцәа аспектакль шыддырбо.
Sputnik
Сақаниа агәыразратә спектакль азы: актиор иҷыдоу агәалаҟара инаҭоит

"Зегьы еигәырӷьеит аспектакль ас иахьыдҳарбо. Актиор агәыҳалалра аныҟаиҵо, згәабзиара ҽеим ахәыҷқәа дахьыхәмаруа аспектакль ахьрыхәо агәалаҟара инаҭоит. Уи аан, хымԥада, иҷыдоу ацәаныррақәа цәырҵуеит", - азгәеиҭеит Сақаниа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит ахәаԥшцәа иддырбо аспектакль залырхыз.

Лаҵара 6 рзы Аԥсуа драматә театр аҟны асааҭ 18:30 рзы Аҳәынҭқарратә аҿартә театр ақәыргыламҭа "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!" ддырбоит агәыразратә акциа аҳасабала. Аспектакль агәыҳалалратә фонд "Ашана" ацхыраара аҭара иазкуп.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.