Убла хызкуа адәыкрынԥшшәы: Аԥсны ишәҭит аглициниа

Sputnik

Зегьы бзиа еицырбо аглициниа Аԥсны ишәҭуеит мшаԥы - лаҵара ирыбжьаркуа аамҭазы. Дәыкрынԥшшәыла иҭаҳәҳәоу ари аҵиаа ашәҭ еизыхәхәақәа уахьынаԥш-ааԥшуа убла хыркуеит.

Sputnik ишәыднагалоит аглициниа шышәҭуа афотосахьақәа.

1 / 9
Аглициниа – аҟәыджәлатәқәа рахь иаҵанакуа субтропикатә ҵиаауп.
2 / 9
Раԥхьа ари аҵиаа Вистариа ахьӡын - америкатәи аҵарауаҩ, анатомиа апрофессор Каспар Вистар ихьӡынҩыланы.
3 / 9
Ари аҵиаа ицәааку асубтропикатә ҳауа анаалоит. Иазҳауеит Мрагыларатәи Азиеи Аҩадатәи Америкеи рсубтропикатә раионқәа рҟны, иара убас Китаи абнақәеи Ҟрыми иахьрыҵаркуа.
4 / 9
Аԥсабараҿы иҟоуп аглициниа ахкқәа 10.
5 / 9
Акыршықәса изызҳауа аглициниа 18 метра рҟынӡа аура ҟалоит. Уи аӡахәа ажәпара 40 сантиметра рҟынӡа инаӡар алшоит. 150 шықәса раҟара анҵыра амоуп.
6 / 9
Аглициниа азиатәи ахкы лаҵарамзазы ишәҭуеит, америкатәи - аԥхынра анҵәамҭазы. Аҩынтә раан цәыббрамзазы ишәҭуеит.
7 / 9
Аглициниа Аҟәатәи амҩадуқәа рҟны.
8 / 9
Аглициниа - ахала анхара зызҷыдоу ҵиаауп. Уи зқәыло аҵла ахәаҽуеит, изқәыло ыҟамзар, ахала еикәаҳәуеит.
9 / 9
Глициниа аӡахәа ирласны иазҳауеит. Хәышықәса рыла уи 12 метра рҟынӡа иазҳар алшоит.