Урыстәыла ирыԥшааит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аантәи аԥсыжырҭа

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә Еилакы Новгород ақалақь амҵан иаадырԥшыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аантәи аԥсыжырҭа аганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Хнызқьҩык рҟынӡа аԥсыбаҩқәа еилажзар ахьалшо аиашьаратә ԥсыжырҭа аадырԥшит Новгородтәи аобласт аҟны.

Ленинград аблокада иазку иуникалтәу документқәа рымаӡара рхырхит

Заанаҵтәи адыррақәа рыла ақыҭа Жестианаиа Горка аҟны ажрақәа фба рҿы ирыԥшааит аҭынч уааԥсыра рыԥсыбаҩқәа. Урҭ, иҟоу агәаанагарала, 1941-1943 шықәсқәа рзы анацистцәа иршьыз роуп.

Иара убасгьы ашьаусҭҵааратә Еилакы аусзуҩцәа архивтә, аҭоурыхтә документқәа шьҭыхны рыҭҵаара иаҿуп аҭынч уааԥсыра рганахьала анацистцәа имҩаԥыргоз ацәгьоурақәа рыҭҵааразы.

Аԥсыбаҩқәа зтәу рықәра, рыԥсра амзыз уҳәа рышьақәыргыларазы амедика-криминалисттә експертиза мҩаԥыргоит.