Апринц Гаррии Меган Маркли ахшара дроуит

Британиа ду Елизавета Аҩбатәи аантәуп амоҭа-шьмоҭа длоуеижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7- Sputnik. Британиатәи апринц Гаррии иԥшәмаԥҳәыс Меган Маркли аԥа дроуит. Абри азы дара алаҳәара ҟарҵеит еицырзеиԥшу Instagram аҟны.

"Аԥа диит. Агерцоги агерцогиниеи Сассексктәқәа гәахәарыла алаҳәара руеит ахшара дышроуз азы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асаби ихьӡырҵараны иҟоу аамҭақәак рышьҭахь ирылаҳәахоит. Иара раԥхьатәи ифотосахьақәа ажәлар ирбараны иҟоуп апринц Гаррии Мегани Виндзортәи апарк ахь афотоҭыхыҩцәа аннарыԥхьалак ашьҭахь.

Апринц Чарльзи апринцесса Дианеи рԥеиҵыб апринц Гарри – британиаа рыбжьара еиҳа бзиа ирбо акралтә ҭаацәара рлахәыла иоуп. Ииасыз ашықәс азы иара ԥҳәысс дигеит асериал "Форс-мажоры" алахәыла Меган Маркл.

Ачара аҽны, Гарри ианду, акралԥҳәыс Елизавета Аҩбатәи ҿыц еибагаз агерцоги агерцогинеи Сассекстәиқәа атитул раҭәалшьеит.