Бџьарла еибыҭаз Гитлер ишьҭрақәлаҩцәа ргәыԥ Урыстәыла иҭарыԥшыхәит

Азинхьчаратә органқәа агәыԥ алахәылацәа ирымырхит аҳәызбақәа, акәылӡышәҵатәқәа, аҽыҵәахратәхалаҭқәа, абитақәа, аракеташьҭыгақәа, арациақәа, арезиналых лабақәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. 30-ҩык рҟынӡа Адольф Гитлер ишьҭрақәлаҩцәа ргәыԥ аадырԥшит Аиааира амшныҳәа аламҭалазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Азинхьчаратә органқәа агәыԥ алахәылацәа ирымырхит абџьар, аҳәызбақәа, акәылӡышәҵатәқәа, аҽыҵәахратәхалаҭқәа, абитақәа, аракеташьҭыгақәа, арациақәа, арезиналых лабақәа.

ФБР Гитлер Аргентинаҟа ибналаразы аинформациа ӡырнагеит

"Лаҵара 7 рзы агәыԥ алахәылацәа арадикалцәа ахьынхоз аҭыԥқәа рҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа ирылҵшәаны иаарԥшын: акомпиутерқәа, ателефонқәа, афлешкақәа, Адольф Гитлер исахьеи афашисттә символикеи зныԥшуа акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, "Калашников" автоматқәа, атапанчақәа ПМ", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә Еилакы ашьаус хацнаркит абри аус аганахь ала.

Амаҵзура ахаҭарнак иажәақәа рыла агәыԥ алахәылацәа Москва, Владимир, Риазань рҿы аекстремисттәии атеррористтәии цәгьоурақәа рымҩаԥгара рыгәҭакын.