Арадио

Какоба: 2019 шықәса рзы арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи ирзацҵаз ауалафахәы рызшәахоит

Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит 2019 шықәса рзы арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи руалафахәы еиуеиԥшым процентла ишаҵҵахо атәы.
Sputnik
Какоба: 2019 шықәса рзы арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи ирзацҵаз ауалафахәы рызшәахоит

"Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы ақыҭа школқәа рҭагылазаашьеи ақалақьтәи зынӡагьы еиԥшӡам. Ҳқыҭа школқәа ирыгу-ирыбзоу акырӡа ирацәоуп, арҵаҩцәа разымхара азҵаара инаркны ауалафахәы ахыԥхьаӡара аҟынӡа. Ԥшьышықәса раԥхьа арҵаҩцәа руалафахәы 31% ишьҭыхын. Сынтәа, 2019 шықәса рзы, ааигәа ақәҵара ҟалоит арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, ажәакала аҵаратә процесс знапы алаку зегьы еиҭа руалафахәы аҩаӡара шьҭыххоит, -10% инаркны 35% процент рҟынӡа. Аамҭа цахьеит, аха ирызшәахоит, ихарҭәаахоит. Уи русура аҟны хымԥада ацхыраара ҟанаҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.