Арадио

Коӷониаԥҳа: арадио Sputnik иснаҭеит ахақәиҭра

Ажурналист, Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа арадио амш аҽны еиҭалҳәеит Sputnik арадио аҿы аусура илнаҭаз атәы.
Sputnik
Коӷониаԥҳа: арадио Sputnik иснаҭеит ахақәиҭра

Лаҵарамза 7 арадио иамшны ирыԥхьаӡоит. 1895 шықәса рзы ари амш аҽны аурыс физик Александр Попов иӡыригеит раԥхьатәи арадиоприомник.  

"Арадио Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥызгоит автортә дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду". Сара исымоуп ахақәиҭра атемақәа рыԥшаараҿы, иаасыԥхьо ауаа рҿы, исымаӡам асиа "ари дыбгар ҟалоит, ани дҟалом" ҳәа. Ажурналист ауалафахәы адагьы, имоу азҵаарақәеи иааиԥхьо ауааи рҿы данҿаҳәо атема изаартӡом. Sputnik аҿы сара "сҿаҳәам". Ҳара ҳдырраҭараҿы иҳамам ҳәаак, иазыԥҵәоу иара аамҭа ада. Зны-зынла иҟоуп даара иџьбароу аефирқәа. Урҭ аинтерес рыҵоуп", – ҳәа азгәалҭеит Коӷониаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.