Арадио

Нанба: Аибашьра Ду иахысыз ҳветеранцәа- зыԥсы ҭаны иаанхаз маҷҩуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аџьеи аруааи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аиааира Ду аныҳәазы аусқәа рылахәхаразы Урыстәылаҟа ацара зылшаз ветеранк шиаку.
Sputnik
Нанба: Аибашьра Ду иахысыз ҳветеранцәа- зыԥсы ҭаны иаанхаз маҷҩуп

"Москва, Аиааира апарад алахәхаразы Аԥснынтә аветеранцәа аӡәгьы алшара имамҩ Иаанхаз маҷуп, урҭгьы ргәабзиара уашәшәыроуп. Иахьазы ҳветеранцәа руаӡәк Илиа Ачба, Ленинград аҭарцәра далахәын аҟнытә, Санкт-Петербург дыҟоуп, арыцхә иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа дрылахәуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан абџьар кны еибашьуаз ҳәа иҟоу 35 -37-ҩык роуп. Иҟоуп аветеранцәа ираҟарартәыз аибашьцәагьы, дара рхыԥхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иахьа иԥсы ҭаны дҳамоуп Дараҭиа Қапба. Аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа иахысыз рҟынтә иаанхаз маҷуп", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.