Арадио

Саманба: шықәс дуӡӡак ҳаԥшуп аԥсшьаҩцәа анбаауа ҳәа, аха аҽазыҟаҵара ҳацәмаҷуп

Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба аԥсуа телехәаԥшраҿы иаиҭаз апресс- конференциаҿы иҳәеит атуристә сезон алагамҭаз имҩаԥгаз агәаҭарақәа ртәы.
Sputnik
Саманба: шықәс дуӡӡак ҳаԥшуп аԥсшьаҩцәа анбаауа ҳәа, аха аҽазыҟаҵара ҳацәмаҷуп

"Ҳара ҳусура аԥсшьаҩцәа рымацара ракәӡам изызку, Аԥсны иқәынхо ауаажәлар ирфо-иржәуа, ахархәараз иаархәо зегьы гәаҳҭоит. Ԥхынҷкәынмза инаркны атуристә сезон ишахәҭоу, хшыҩзышьҭра аҭаны ҳазнеиртә еиԥш агәаҭарақәа хацҳаркхьан. Зегьы шықәсык ҳаԥшуп аԥсшьаҩцәа анбаауа ҳәа, аха аҽазыҟаҵара ҳацәмаҷуп. Уажәазы игәаҭоуп еиуеиԥшым акрыфараҭақәа. Иҟаз аилагарақәа рзы аԥшәмацәа ргәырҽанҵоуп. Аныҳәатә мшқәа рышьҭахь агәаҭарақәа ирыцҵахоит, аԥсшьарҭа ҩнқәа рыла", – ҳәа азгәеиҭеит Саманба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.