Sukhoi Superjet 100 Ростов-на-Дону аҟынтәи аԥырра азин ҟармҵеит аиқәымшәарақәа рзы

Алаинер Sukhoi Superjet 100 Ростове-на-Дону аҟынтәи лаҵара 8 рзы Москваҟа иԥырраны иҟан.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik. Sukhoi Superjet 100 Ростов-на-Дону аҟынтәи аԥырра азин ҟармҵеит аиқәымшәарақәа рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҳаирплан атехникатә еиқәымшәарақәа рзы апассаџьырцәа аҳаирплан аанрыжьит. Урҭ егьырҭ ареисқәа рыла рымҩа иқәырҵеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Москватәи аҳаиртә баӷәаза Superjet-100 ахҭыс хронологиала ишьақәдыргылеит

Уаанӡа, Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза Шереметьево ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Иантәоз аҳаирплан ашассиқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит.

Иҟалаз авариа инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.