Нанба: ҳара ҳиааиреи, ҳабацәа риааиреи егьырҭ абиԥарақәа ишьҭырхуеит
© Sputnik
"Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду еиҳау адунеи аҿы еибашьра ҟамлацт, ҳарҭ ҳаиааит. Ҳара аиааиҩцәа рхылҵшьҭра ҳауп. Аҭоурых ала иаадыруан, ауаа еидгыланы хацәнымырха реибашьра, аиааира шахылҿиаауаз, убри адырра иаҳнаҭеит алшара - ҳаибашьраҿгьы аиааира агара. Аиааира зымбац игәы цаны даанхоит. Уи иԥсҭазаараҿы ахаангьы дзаиааиуам. Ҳара ҳиааиреи ҳабацәа риааиреи егьырҭ абиԥарақәа ишьҭырхуеит, уи азы агәы рызҭазаауеит. Аиааироуп агәы узҭоу", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.