Ауникалтә традициақәа реиқәырхара: Дәрыԥшь имҩаԥысыз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа

Sputnik

Дәрыԥшь адәаҟны аҽырыҩра иаҭааит Лыхны, Џьырхәа, Аҷандара, Аацы, Ҟәланырхәа, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь.

Аԥсуа ҽыбӷаҟазара уникалтәуп ҳәа уԥхьаӡар алшоит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит традициала еиқәырханы иаауа ахәмаррақәа: аҵәеигәыдҵара, аҳәаҟьара, аимҵакьача, аҽылампыл, аҽырыҩра, аҽырхәмарра.

Аҽылампыл – Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа рахьтә зегь реиҳа изызҿлымҳау, атрадициа ҵаулақәа змоу хкуп. Уи англыз аристократцәа рыхәмарра ишеиԥшугьы, уи уникалтәуп азуҳәар алшоит.

1 / 11
Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысыз атрадициатә ҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа.
2 / 11
Аицлабрақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амш 74 шықәса ахыҵра иазкын.
3 / 11
Дәрыԥшь адәаҟны аҽырыҩра иаҭааит Лыхны, Џьырхәа, Аҷандара, Аацы, Ҟәланырхәа, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь.
4 / 11
Аицлабрақәа мҩаԥган аҽылампыл азы.
5 / 11
Аҽылампыл – Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа рахьтә зегь реиҳа изызҿлымҳау, атрадициа ҵаулақәа змоу хкуп. Уи англыз аристократцәа рыхәмарра ишеиԥшугьы, уи уникалтәуп азуҳәар алшоит.
6 / 11
Амилаҭә хәмаррақәа рыдагьы, ахәаԥшцәа азҿлымҳауп ашьацқьа злоу аҽқәа злахәу аҽырыҩрақәа.
7 / 11
Аҽырыҩрақәа рыҟны иаадырԥшуа аццакреи агәацԥыҳәареи ухырымхыр залшом.
8 / 11
Дәрыԥшь ақыҭан имҩаԥысыз аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылахәыз аҽыуаҩ.
9 / 11
Аҽырыҩрақәа есышықәса ирылахәуп шәҩыла ари аспорт абзиабаҩцәа.
10 / 11
Аҽыуаа анаҩстәи ахәмаррақәа ирылахәын: аҵәеигәыдҵара, аҳәаҟьара, аимҵакьача, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҽырыҩра.
11 / 11
Аҽырыҩра абзиабаҩцәа қәыԥшцәа.