Китаи ЕАА иҟарҵаз абаџьшьҭыхра аҭак анаҭараны иҟоуп

ЕАА, Китаинтәи атәыла иаларгало атауар абаџь 10% рҟынтәи 25 % рҟынӡа иханагалеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Китаи Еиду аштатқәа китаитәи аекспорт аганахьала ишьҭнахыз абаџь аҭак ҟанаҵоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Китаитәи аган ихьаанагоит ЕАА китаитәи аекспорт аганахьала абаџь 10% рҟынтәи 25 % рҟынӡа иахьышьҭнахыз. Ихьаанагоит иаргьы аҭактә уснагӡатәқәа мҩаԥнагар ахьакәхаз", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥшьаша, КЖәР аҳәынҭсовет аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Лиу Хе аилацәажәаразы Вашингтон днеит. Аиԥылара ашьҭахь ахәаахәҭраз аминистрра ахада Роберт Лаитхаизери афинансқәа рминистр Стивен Мнучини Дональд Трап иԥылеит. Аилахәаахәҭразы аилацәажәарақәа ирыцҵахоит.