Урыстәыла адырга зҭаху атауарқәа рсиа харҭәаауп

Урыстәыла атауарқәа адырганҵа рыҭара асистема аԥҵан 2017 шықәса рзы. Аоператорс иҟалеит атехнологиақәа рыҿиара Ацентр.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра адырганҵа зҭаху атауарқәа рсиа арҭбааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ "Ведомости" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Дмитри Медведев.

Адырганҵа зҭатәу атауарқәа ргәыԥ иаҵанакит:

Акәацлых, аԥсыӡлых;

Ахаатәы;

Абзазаратә техника;

Ахәыҷқәа рыфатә;

Аҵиаахәшақәа;

Абзазаратә химиа;

Акосметика;

Аџьбарра злам арыжәтә.

Аиҳабыра ари ажәалагала нанашьҭит Евразиатәи аекономикатә комиссиа ахеилак ахь. Иахьазы адырганҵа иаҵанакуеит аҭҭынлыхи ахәышәқәа рыхәҭаки. Зынӡа иазыԥхьагәаҭоуп атауарқәа ргәыԥ 21.

2024 шықәса рзы иаԥырҵараны иҟоуп атауарқәа рсиаҭбаа.