Sukhoi Superjet 100 апассаџьырцәа руаӡәк ахәышәтәырҭа дҭырҩааит

Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы адыррақәа рыла Шереметьево 78-ҩык апассаџьырцәеи аԥрыҩцәеи рҟынтәи иҭахеит 41-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Шереметьево, аҳаирплан Sukhoi Superjet 100 аҟны амцакраан ааха зауны ахәышәтәырҭа иҭаз апассаџьырцәа руаӡәк дҭырҩааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иахьатәи аамҭазы ахәышәтәра иахысуеит жәҩык ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи хәҩык Склифосовски ихьӡ зху ацхыраара ласы аинститут аҿы, ԥшьҩык – Вишневски ихьӡ зху Амилаҭтә медицинатә центр аҿы.

Шереметьево аҳаирплан амцакраан дҭахеит 41 пассаџьыр

Уаанӡа амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа "Амолекулиар-генетикатә идентификациа аганахьала аусурақәа хыркәшоуп, Sukhoi Superjet 100 аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп" ҳәа адырра ҟарҵахьан.

Шереметьево апассаџьыртә ҳаирплан Sukhoi Superjet 100 Москва - Мурманск амца акит лаҵара 5 рзы. Уи 28 минуҭ аҳауа ишалаз, иаалырҟьаны иахьынтәишьҭыԥрааз аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" ахь ихынҳәыр акәхеит. Аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ҩынтә атәарҭа иахыԥраауан. Иантәоз аҳаирплан ашассиқәа ԥҵәеит, аусаругақәа амца рыцралеит.78-ҩык апассаџьырцәа рахьтә 41 ҭахеит, 37-ҩык еиқәхеит.

Иҟалаз ахҭыс инамаданы ҩыџьа ма инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра зыхҟьаз аҳаиртә транспорт ашәарҭадара аԥҟарақәа реилагаразы ашьаусҭҵаара хацыркуп.