Кәарҷиа еиҭеиҳәеит сынтәатәи аицлабра "Аӡыхь" аԥҟарақәа ртәы
© Sputnik
"Сынтәа ҩажәи ҩба шықәса ҵуеит Аԥсны акәашаратә гәыԥқәа реицлабра мҩаԥаагоижьҭеи. Аханатәгьы хықәкыс иҳамоу аԥсуа кәашара аӡыргара, аиӷьтәра, аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар радԥхьалара ауп. Иахьазы аицлабра иалахәхо рхыԥхьаӡара ҩажәижәаба ансамбль иреиҳауп. Сынтәа имҩаԥааго егьырҭ аицлабрақәа излареиԥшым атәы ҳҳәозар, ҳаамҭазы аҿиара змоу егьырҭ акәашара хкқәагьы рыла ахәыҷқәа рҟазара аадырԥшыр рылшоит", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит аицлабраҟны еиуеиԥшым аноминациақәа шыҟоу, ахәаԥшцәа зхәаԥшыша шырацәоу. Лаҵарамза 16-17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭкарратә филармониаҿы имҩԥгахоит акәашаратә гәыԥқәа ҩажәиҩбатәи реицлабра "Аӡыхь".
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.