Арадио

Алҭеиба: санажәуа даасхылаԥшып ҳәа ахәыҷы дзааӡо - пату сызиқәым

Аҭаацәа рымш аҽны ашәаԥҵаҩы, апоет Анатоли Алҭеиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит аҭаацәара аныҟәгара ауадаҩрақәа шацу, аха уи ада ауаҩы дышхәарҭам.
Sputnik
Алҭеиба: санажәуа даасхылаԥшып ҳәа ахәыҷы дзааӡо - пату сызиқәым

"Ауаҩы иҿаԥхьа ахыдҵа иқәиргылар аҭаацәара иалалтәуп ҳәа, уи мариахоит. Аԥҳәыс лзы имариаӡам хаҵацара сҭахуп аҳәара, аха ахаҵа уи илшоит. Аԥҳәыси, аҭаацәеи анумам апроблемагьы умам, убри амшгара рԥырхагоуп ҳаҷкәынцәа. Ауаа аҭаацәа рымаӡам алақәа рааӡоит, сара уи сзеилкааӡом. Иахьа ауадаҿы ала аныуааӡа, хәыҷык дааӡа. Ахәыҷы данумоу, ушьҭахь, иахьа уажәраанӡа иҟауҵаз ззынужьуа дыҟоуп", – ҳәа иҳәеит Алҭеиба.

Ашәаԥҵаҩы иазгәеиҭеит зықәра инеихьоу аԥҳәыс хаҵа дымцакәа ахшара длоур, уи хьымӡӷны дшамыхәаԥшуа.  

"Аӡӷаб лзы ицәгьоуп аҩны дыштәоу ахшараиура, уи ацәажәара ахылҿиаауеит. Аԥсуаа рзы уи хьымӡӷьны иԥхьаӡоуп, аха сара сгәаанагарала, аӡӷаб хаҵа дымцакәа ахшараиура дазхәыцны хыдҵас иқәлыргылар, уи иақәшаҳаҭхатәуп. Ауаҩы ҭынха димамкәа ҳаӷоу дыԥсааит. Ахәыҷы санажәуа даасхылаԥшып ҳәа дзааӡо пату сызиқәым, ауаҩы ҭынхак димазароуп, иара ишьҭра иацызҵаша димазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Алҭеиба.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.