Арадио

Шамба Константин Озган изы: зхы иамеигӡакәа аԥсуа жәлар рзы иқәԥоз хаҵан

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Лев Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дигәалаиршәеит Константин Озган.
Sputnik
Шамба Константин Озган изы: зхы иамеигӡакәа аԥсуа жәлар рзы иқәԥоз хаҵан

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Константин Озган диижьҭеи иахьа 80 шықәса ҵит.

"Константин Константин-иԥа Озган ихцәажәара даара иуадаҩуп, избанзар Аԥсны азы, ижәлар рзы иџьабаа рацәоуп. Аиҳабыратә абиԥара ибзианы дырдыруеит, дыргәалашәоит. Аԥсҭазаараҟны зхы иамеигӡакәа аԥсуа жәлар рзы иқәԥоз ахаҵа иакәын. Иажәа ӷәӷәан, ииҳәаз дыузахырԥаӡомызт. Ахаан ибжьы ҭыганы ҟьарҟьарҳәа дцәажәо сымбацызт уи ахаҵа. Аибашьра ҟалаанӡа телехәаԥшрала ақырҭцәа:"Озган! Озган! Озган!" ҳәа ида аҳәатәы рымамызт, избанзар дҳаршәоит ҳәа иалагар, издызкылоз иакәымызт", - иҳәеит Шамба.

Константин Константин-иԥа Озган Аԥсны Иреиҳаӡоу аилак адепутатс дыҟан, апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс, напхгара риҭахьан адәныҟатәи аусқәеи  аекономикеи рминистррақәа, Аҳәынҭқарратә ашәахтә маҵзура ахантәаҩыс аус иухьан, убасгьы Аԥсны аиҳабыра ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩс. Константин Константин-иԥа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩыс дыҟан.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.