Џьыкырба еиҭеиҳәеит ишәарҭам афымцатә цәаҳәақәа шалхтәу
© Sputnik
"Афымцатә цәаҳәақәа рхаҭабзаира аилкааразы алабораториа ҳамам, иаазхәо атауар иацу асертификат дахәаԥшыроуп. Иара заку, излуху, ишыҟаҵоу, атәы ахьану узырбо. Аха имҩаԥааго агәаҭарақәа рыла иуҳәар ҟалоит асертификат зцу ацәаҳәақәа шмаҿу. Аҭиҩцәа рхала ирҳәоит "иҟоуп зыхә мариоу, иҟоуп зыхә цәгьоу" ҳәа. Уи еилыркаауеит атауар иацу ашәҟәқәа рыла. Аха инагӡаны афымцатә цәаҳәақәа иахьынӡабзиоу узырбо, уи лабораториа мацара ауп. Аԥышәа иаҳнарбо ала, иуҳәар ҟалоит зыхә цәгьоу ацәаҳәақәа иаҳа рхаҭабзаира еиҿкаауп", - ҳәа азгәаиҭеит Џьыкырба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.