Арадио

Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы аусуразы: лаҵарамзазтәи аныҳәақәа рылҵшәа ҳгәы ҟанаҵеит

Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы Мирон Чалмаз Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит лаҵарамзазтәи аныҳәақәа ирылагӡаны аҳаԥы иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу.
Sputnik
Чалмаз Афонҿыцтәи аҳаԥы аусуразы: лаҵарамзазтәи аныҳәақәа рылҵшәа ҳгәы ҟанаҵеит

"Лаҵарамза 1 инаркны 12-нӡа есыҽны аус ҳуан, ашьыжь асааҭ 10 инаркны 18-нӡа аԥсшьаҩцәа ҳадаҳкылон, ҳгәы иаахәартә еиԥш алҵшәақәа ҳауит. Ҵыԥх ари амзазы 5 000 ракәызҭгьы аҳаԥы иҭалаз, сынтәа 10 000 рзы аӡәык-ҩыџьак агуп. Еснагь еиԥш иаауа абжьаратә класс ахь иаҵанакуа роуп. Зхатә машьынала иҟоу дубап, Шәачантәи аекскурсиа ҳәа иаазгьы дыҟоуп. Аангылара ҳәа иаауа макьана имаҷуп, аԥхара цқьа ишьақәымгылацт. Абжьааԥны аԥхын алагамҭа инаркны ауп аангылара ҳәа аара ианалаго", - ҳәа азгәеиҭеит Чалмаз. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.