Арадио

Ашьхааӡаҩ Қацәба: ааԥынтәи ацха зегь реиҳа хаҭабзиарала иаарылукаартә иҟоуп

Ашьхааӡаҩ Вианор Қацәба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ааԥынтәи ацха иаҳа хра аланы изиԥхьаӡо.
Sputnik
Ашьхааӡаҩ Қацәба: ааԥынтәи ацха зегь реиҳа хаҭабзиарала иаарылукаартә иҟоуп

"Ааԥынтәи ацха хырҳагарыла, хаҭабзиарала егьырҭ ацхақәа зегьы иреиӷьуп, избанзар, ашьхыцқәа иаҳа хкы рацәала еиуеиԥшым аҵиаақәеи ашәҭқәеи рҟнытә амати ргоит. Хкы рацәала еилаԥсоу ашәҭқәа ирылху ацха иаҳа пату ақәуп. Алакациа, амаахыршәҭқәа, адәыкрынқәа уҳәа еиуеиԥшым адәышәҭқәа ирылҵуа ацха авитаминқәа рацәаны иалоуп. Еиуеиԥшым аԥсуа хәшәқәагьы злырхуа ааԥынтәи ацха ауп. Иара рыԥшуеит рашәарамзазы. Урыстәылагьы ааԥынтәи ацха рацәаны иҟоуп, уи азы усҟак ахә амам, ааԥсҭатәи еиԥш аахәаҩцәа усҟак иазхьаԥшӡом", - азгәеиҭеит Қацәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.