Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: ацәгьоуцәа Идлиб апровокациақәа аздырхиоит

Шьамтәылаа ашҳам рылаҵара "аимитациа" авидео аҿы иҭыхны асоциалтә ҳақәеи мраҭашәаратәи АИХи рыларҵәара гәҭакыс ирымоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. "Джебхат ан-Нусра" аибашьыҩцәа апровинциа Идлиб аҿы апровокациақәа еиҿкааны урыстәылатәи аруаа аҭынч уааԥсыра рганахьала ахимиатә жәыларақәа мҩаԥыргеит ҳәа ахара рыдырҵарц гәҭакыс ирымоуп. Абри атәы аанацҳауеит Шьамтәыла еиҿагылоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи Ацентр.

"Аиланхарҭатә пункт Серакаб, ауааԥсыра ражәақәа рыла абри араион аҿы "ан-Нусра" аибашьыҩцәа апровокациақәа еиҿкааны урыстәылатәи аруаа аҭынч уааԥсыра рганахьала ахимиатә жәыларақәа мҩаԥыргеит ҳәа ахара рыдырҵарц гәҭакыс ирымоуп. Убри азы Шьамтәыла егьырҭ араионқәа рҟынтәи урыстәылатәи авиациатә фугастә рԥжәагақәа рыхәҭақәа еизыргоит", - аҳәоит Ацентр адырраҭара.

Шьамтәылаа ашҳам рылаҵара "аимитациа" авидео аҿы иҭыхны асоциалтә ҳақәеи мраҭашәаратәи АИХи рыларҵәара гәҭакыс ирымоуп ҳәа адыррақәа ҟаҵоуп.