Зеленски иҭоубашьҭаҵара амҩаԥгара иазкны Порошенко адҵа инапы аҵеиҩит

Украина Иреиҳаӡоу Рада Зеленски иҭоубашьҭаҵара лаҵара 20 рзы имҩаԥгазарц аӡбара аднакылеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Украина ахада Пиотр Порошенко Зеленски иҭоубашьҭаҵара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы адҵа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишьақәыргылоу аԥҟарала Украина ҿыц иалху ахада иҭоубашьҭаҵаратә уснагӡатәқәа рахь аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рааԥхьара еиҿнакаароуп", - аҳәоит адҵа атекст.

Абри инақәыршәаны, иаԥҵатәхоит ҩымш рыҩнуҵҟа ауснагӡатәқәа рыплан шьақәзырӷәӷәаша аиҿкааратә еилакы.

Уи адагьы, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапы ианҵоуп ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан ауаажәларратә зинеиҿкаара ахылаԥшра арҭаларц, аминистрцәа реилазаара аԥаразоужьра амҩаԥгара анапы ианҵоуп.