Ганкахьалатәи амцанкылара: Шьамтәыла ар Идлиб аибашьра ааннакылеит

Уаанӡа Шьамтәыла еиҿагылоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи ацентр аҳәамҭа ҟанаҵахьан "Джебхат ан-Нусра" аибашьцәа апровинциа Идлиб апровокациа ҟаҵаны урыстәылатәи аруаа ахара рыдырҵарц гәҭакыс ирымоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Шьамтәыла арбџьар мчқәа ганкахьала Идлиб аибашьра ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Атеррористтә гәыԥқәа ракәзар, апровинциақәа Хама, Латакиа, Алеппо рыҟны аҭынч уааԥсыра ирылахысуеит, ажәыларақәа мҩаԥыргоит. Убас, лаҵара 18 аахижьҭеи 13 жәылара ҟарҵахьеит. Иҭахахьеит хҩык аруаа.

Шьамтәыла еиҿагылоу аганқәа реиныршәаразы урыстәылатәи ацентр агуманитартә акциа мҩаԥнагеит Ард Аль-Хамр араионқәа рҿы. Ауааԥсыра ирызшан афатә-ажәтә реизга ҭоԥқәа хәышә.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра: ацәгьоуцәа Идлиб апровокациақәа аздырхиоит>>

Урыстәыла, Башар Асад иҳәарала 2015 шықәса рзы арратә операциа иалагеит. Владимир Путин идҵала иазԥхьагәаҭоуп ҽааназы ар рыбжаҩык ралгара.