"Игра престолов" абзиабаҩцәа аабатәи асезон аиҭаҭыхра дҵаны иқәдыргылоит

Акиносага "Игра престолов" аҵыхәтәантәи асериа ахәаԥшыҩцәа идырбахоит лаҵара 19 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik. Асериал "Игра престолов" абзиабаҩцәа дҵаны иқәдыргылоит ателеканал HBO аабатәи асезон еиҭаҭнахырц. Апетициа еизнагахьеит миллион напаҵаҩра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Игра престолов" аҵыхәтәантәи аепизод атизер ркьыԥхьит

Апетициа кьыԥхьуп апортал change.org аҿы.

Апетициа авторцәа ирҳәоит асериал авторцәа Девид Бениоффи Дениел Бретт Уаисси акомпетентра рыгуп, ахыҵхырҭа материал анрымам ҳәа.

Акиносага-фентези "Игра престолов" аҵыхәтәантәи асезон асериақәа ЕАА рҿы иахәаԥшит 18,4 миллионҩык ауааԥсыра.

Ателесериал "Игра престолов" Џьорџь Мартин ифентези-цикл "Песнь льда и пламени" шьаҭас иаҭаны иҭыхуп. Ароманқәеи асериалқәеи рҿы ахҭыс мҩаԥысуеит ихыҭҳәаау аконтинентқәа рҿы.