Очамчырантәи Кремльҟа: Валериа Адлеиԥҳа лыԥсҭазаараҟынтәи еимгеимцарақәак

Sputnik

Раԥхьаӡакәны 11 шықәса зхыҵуа Очамчыратәи аӡӷаб Валериа Адлеиԥҳа лыӡбахә цәырҵит 2017 шықәсазы. Лара НТВ аканал аҿы ателехәаԥшратә проект "Ты супер!" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Валериа иаразнак ала аӡбаҩцәеи ахәаԥшцәеи лытҟәеит, дагьаиааит апроект актәи асезон. Ҳамҭас илырҭеит Аҟәа агәаны иҟоу ауаҭах, ажиури алахәыла Игор Крутои илиҭеит аҩнытәи абыжьҭаҩратә студиа.

Аиааира ашьҭахь Лера иҵегьы инарҵауланы амузыказы лҽазыҟалҵо далагеит. Далахәын аицлабра "Детская Новая волна 2017", уа иаанылкылеит аԥшьбатәи аҭыԥ, лыҽҭылхит Стас Пиеха иклип пҟны, иара убасгьы Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит.

Аиааираҟынӡа шьаҿак шагыз: Валериа Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит "Ты супер" заанлыжьыз>>

2019 шықәса хәажәкырамзазы Валериа Адлеиԥҳа апроект "Ты супер!" асуперсезон акастинг дахысит. Уи иалахәын ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәеи уаанӡа егьырт асезонқәа ирылахәқәази. Адлеиԥҳа қәҿиарала аетапқәа зегьы дырхысын, афиналбжаҟынӡа днеит, аха лықәгылара ашьҭахь, хатәгәаԥхарала апроект аанлыжьит.

1 / 15
Аинформациатә агентреи арадиои Sputnik-и ателеканала НТВ-и еицымҩаԥырго апроект "Ты супер!" аҟыбаҩ злоу, ахәыҷқәа рыҩны, ашкол-интернатқәа, ааӡара иргаз аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рхы цәырыргарц алшара рынаҭоит.
2 / 15
Раԥхьаӡакәны 11 шықәса зхыҵуа Очамчыратәи аӡӷаб Валериа Адлеиԥҳа лыӡбахә цәырҵит 2017 шықәсазы.
3 / 15
Валериа Адлеиԥҳа "Ты супер" актәи асезон ашьҭахь Аԥсныи уи анҭыҵи деицырдыруа дҟалеит
4 / 15
Апроект аԥхьа Лера ашкол-интернат дҭан, лҭаацәеи лареи аԥсшьарамшқәа рзакәын ианеибабоз. Аиааира анылгаз ашьҭахь ҳамҭас илырҭаз Аҟәатәи ауаҭах ахь лҭаацәеи, лареи, лашьа хәыҷи нхара ҳәа ииасит.
5 / 15
Лера иара убасгьы дықәгылоит еиуеиԥшым аконцертқәеи амузыкатә усмҩаԥгатәқәеи рҿы. 2019 шықәсазы лара иҭлыжьит аԥсышәала илҳәаз раԥхьатәи лыклип "Са сзы улаша".
6 / 15
Лера аҵара лҵоит Аҟәатәи ашкол №4 аабатәи акласс аҟны. Зегьы иреиӷьалшьоит аҭоурых, аурыс бызшәа, англыз бызшәа амаҭәарқәа.
7 / 15
Агастрольқәеи, аконцертқәеи, аҽазыҟаҵарақәеи ирыхҟьаны лҵатәхәқәа бжьалыжьлар акәхоит.
8 / 15
Лера лықәҿиарақәа ирызҿлымҳан Аԥсны зегьы. Лара аҳәааҟны илызԥшын лҟазара абзиабаҩцәа.
9 / 15
Валериа Адлеиԥҳа лықәгылара Очамчыраа ахәаԥшуан Акультура ахан аҟны аекран ду кнаҳаны.
10 / 15
Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз лырҿиара абзиабаҩцәа аҳамҭақәа лырҭон.
11 / 15
НТВ адиректор хада Валериа Адлеиԥҳа аԥхьахә анлиҭоз, лҿаԥхьа дшьамхнышгылеит.
12 / 15
Лера илгаз аиааира ашьҭахь Аԥсны ақалақьқәа рҟны лырҿиара иацклаԥшуаз лԥылон.
13 / 15
Валериа Адлеиԥҳаи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара
14 / 15
Лера - "Ты супер!" - абас амҩаҿы нбан дула ианырҵеит Очамыраа
15 / 15
2019 шықәса хәажәкырамзазы Валериа Адлеиԥҳа апроект "Ты супер!" асуперсезон акастинг дахысит. Уи иалахәын ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәеи уаанӡа егьырт асезонқәа ирылахәқәази. Адлеиԥҳа қәҿиарала аетапқәа зегьы дырхысын, афиналбжаҟынӡа днеит, аха лықәгылара ашьҭахь, хатәгәаԥхарала апроект аанлыжьит.