Очамчырантәи Кремльҟа: Валериа Адлеиԥҳа лыԥсҭазаараҟынтәи еимгеимцарақәак

Анапаҵаҩра
Ателехәаԥшратә проект "Ты супер!" актәи асезон аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиԥҳа 2019 шықәса хәажәкырамзазы амузыкатә шоу ахԥатәи асезон далахәылахеит.

Раԥхьаӡакәны 11 шықәса зхыҵуа Очамчыратәи аӡӷаб Валериа Адлеиԥҳа лыӡбахә цәырҵит 2017 шықәсазы. Лара НТВ аканал аҿы ателехәаԥшратә проект "Ты супер!" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Валериа иаразнак ала аӡбаҩцәеи ахәаԥшцәеи лытҟәеит, дагьаиааит апроект актәи асезон. Ҳамҭас илырҭеит Аҟәа агәаны иҟоу ауаҭах, ажиури алахәыла Игор Крутои илиҭеит аҩнытәи абыжьҭаҩратә студиа.

Аиааира ашьҭахь Лера иҵегьы инарҵауланы амузыказы лҽазыҟалҵо далагеит. Далахәын аицлабра "Детская Новая волна 2017", уа иаанылкылеит аԥшьбатәи аҭыԥ, лыҽҭылхит Стас Пиеха иклип пҟны, иара убасгьы Аԥсны агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит.

Аиааираҟынӡа шьаҿак шагыз: Валериа Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит "Ты супер" заанлыжьыз>>

2019 шықәса хәажәкырамзазы Валериа Адлеиԥҳа апроект "Ты супер!" асуперсезон акастинг дахысит. Уи иалахәын ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәеи уаанӡа егьырт асезонқәа ирылахәқәази. Адлеиԥҳа қәҿиарала аетапқәа зегьы дырхысын, афиналбжаҟынӡа днеит, аха лықәгылара ашьҭахь, хатәгәаԥхарала апроект аанлыжьит.

© НТВАинформациатә агентреи арадиои Sputnik-и ателеканала НТВ-и еицымҩаԥырго апроект "Ты супер!" аҟыбаҩ злоу, ахәыҷқәа рыҩны, ашкол-интернатқәа, ааӡара иргаз аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рхы цәырыргарц алшара рынаҭоит.
Валериа Адлеиԥҳа лықәгылараан - Sputnik Аҧсны
1/15
Аинформациатә агентреи арадиои Sputnik-и ателеканала НТВ-и еицымҩаԥырго апроект "Ты супер!" аҟыбаҩ злоу, ахәыҷқәа рыҩны, ашкол-интернатқәа, ааӡара иргаз аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рхы цәырыргарц алшара рынаҭоит.
© Фото : Антон ДевяткинРаԥхьаӡакәны 11 шықәса зхыҵуа Очамчыратәи аӡӷаб Валериа Адлеиԥҳа лыӡбахә цәырҵит 2017 шықәсазы.
Александр Шьоууеи Валериа Адлеиԥҳаи реиқәшәара - Sputnik Аҧсны
2/15
Раԥхьаӡакәны 11 шықәса зхыҵуа Очамчыратәи аӡӷаб Валериа Адлеиԥҳа лыӡбахә цәырҵит 2017 шықәсазы.
© Sputnik Зафас Гамгия/Анжелика БенияВалериа Адлеиԥҳа "Ты супер" актәи асезон ашьҭахь Аԥсныи уи анҭыҵи деицырдыруа дҟалеит
Валериа Адлеиԥҳа аҩбатәи асезон алахәцәа абжьагарақәа рылҭоит - Sputnik Аҧсны
3/15
Валериа Адлеиԥҳа "Ты супер" актәи асезон ашьҭахь Аԥсныи уи анҭыҵи деицырдыруа дҟалеит
© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект аԥхьа Лера ашкол-интернат дҭан, лҭаацәеи лареи аԥсшьарамшқәа рзакәын ианеибабоз. Аиааира анылгаз ашьҭахь ҳамҭас илырҭаз Аҟәатәи ауаҭах ахь лҭаацәеи, лареи, лашьа хәыҷи нхара ҳәа ииасит.
Ты супер актәи асезон данаиааиз ашьҭахь Валериа ҳамҭас илырҭеит Аҟәа агәаны иҟоу ауаҭах - Sputnik Аҧсны
4/15
Апроект аԥхьа Лера ашкол-интернат дҭан, лҭаацәеи лареи аԥсшьарамшқәа рзакәын ианеибабоз. Аиааира анылгаз ашьҭахь ҳамҭас илырҭаз Аҟәатәи ауаҭах ахь лҭаацәеи, лареи, лашьа хәыҷи нхара ҳәа ииасит.
© Sputnik / Илона ХварцкияЛера иара убасгьы дықәгылоит еиуеиԥшым аконцертқәеи амузыкатә усмҩаԥгатәқәеи рҿы. 2019 шықәсазы лара иҭлыжьит аԥсышәала илҳәаз раԥхьатәи лыклип "Са сзы улаша".
Валериа Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
5/15
Лера иара убасгьы дықәгылоит еиуеиԥшым аконцертқәеи амузыкатә усмҩаԥгатәқәеи рҿы. 2019 шықәсазы лара иҭлыжьит аԥсышәала илҳәаз раԥхьатәи лыклип "Са сзы улаша".
© Sputnik / Томас ТхайцукЛера аҵара лҵоит Аҟәатәи ашкол №4 аабатәи акласс аҟны. Зегьы иреиӷьалшьоит аҭоурых, аурыс бызшәа, англыз бызшәа амаҭәарқәа.
Лера Адлеиԥҳа ашкол аҟны - Sputnik Аҧсны
6/15
Лера аҵара лҵоит Аҟәатәи ашкол №4 аабатәи акласс аҟны. Зегьы иреиӷьалшьоит аҭоурых, аурыс бызшәа, англыз бызшәа амаҭәарқәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгастрольқәеи, аконцертқәеи, аҽазыҟаҵарақәеи ирыхҟьаны лҵатәхәқәа бжьалыжьлар акәхоит.
Валериа Адлеиԥҳа аҽазыҟаҵараан - Sputnik Аҧсны
7/15
Агастрольқәеи, аконцертқәеи, аҽазыҟаҵарақәеи ирыхҟьаны лҵатәхәқәа бжьалыжьлар акәхоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛера лықәҿиарақәа ирызҿлымҳан Аԥсны зегьы. Лара аҳәааҟны илызԥшын лҟазара абзиабаҩцәа.
Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз ишылԥылоз - Sputnik Аҧсны
8/15
Лера лықәҿиарақәа ирызҿлымҳан Аԥсны зегьы. Лара аҳәааҟны илызԥшын лҟазара абзиабаҩцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукВалериа Адлеиԥҳа лықәгылара Очамчыраа ахәаԥшуан Акультура ахан аҟны аекран ду кнаҳаны.
Валериа Адлеиԥҳа лықәгылара Очамчыраа анахәаԥшуаз. - Sputnik Аҧсны
9/15
Валериа Адлеиԥҳа лықәгылара Очамчыраа ахәаԥшуан Акультура ахан аҟны аекран ду кнаҳаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукВалериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз лырҿиара абзиабаҩцәа аҳамҭақәа лырҭон.
Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз ишылԥылоз - Sputnik Аҧсны
10/15
Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз лырҿиара абзиабаҩцәа аҳамҭақәа лырҭон.
© НТВНТВ адиректор хада Валериа Адлеиԥҳа аԥхьахә анлиҭоз, лҿаԥхьа дшьамхнышгылеит.
НТВ адиректор хада Валериа Адлеиԥҳа аԥхьахә анлиҭоз, лҿаԥхьа дшьамхнышгылеит. - Sputnik Аҧсны
11/15
НТВ адиректор хада Валериа Адлеиԥҳа аԥхьахә анлиҭоз, лҿаԥхьа дшьамхнышгылеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛера илгаз аиааира ашьҭахь Аԥсны ақалақьқәа рҟны лырҿиара иацклаԥшуаз лԥылон.
Валериа Адлеиԥҳа Аԥсныҟа даныхынҳәыз ишылԥылоз - Sputnik Аҧсны
12/15
Лера илгаз аиааира ашьҭахь Аԥсны ақалақьқәа рҟны лырҿиара иацклаԥшуаз лԥылон.
© Sputnik Бадрак АвидзбаВалериа Адлеиԥҳаи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара
Валериа Адлеиԥҳаи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
13/15
Валериа Адлеиԥҳаи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиԥылара
© Sputnik / Томас Тхайцук Анжелика БенияЛера - "Ты супер!" - абас амҩаҿы нбан дула ианырҵеит Очамыраа
Лера - Ты супер! - абас амҩаҿы нбан дула ианырҵеит Очамыраа - Sputnik Аҧсны
14/15
Лера - "Ты супер!" - абас амҩаҿы нбан дула ианырҵеит Очамыраа
© Sputnik2019 шықәса хәажәкырамзазы Валериа Адлеиԥҳа апроект "Ты супер!" асуперсезон акастинг дахысит. Уи иалахәын ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәеи уаанӡа егьырт асезонқәа ирылахәқәази. Адлеиԥҳа қәҿиарала аетапқәа зегьы дырхысын, афиналбжаҟынӡа днеит, аха лықәгылара ашьҭахь, хатәгәаԥхарала апроект аанлыжьит.
Валериа Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
15/15
2019 шықәса хәажәкырамзазы Валериа Адлеиԥҳа апроект "Ты супер!" асуперсезон акастинг дахысит. Уи иалахәын ашәаҳәаҩцәа ҿыцқәеи уаанӡа егьырт асезонқәа ирылахәқәази. Адлеиԥҳа қәҿиарала аетапқәа зегьы дырхысын, афиналбжаҟынӡа днеит, аха лықәгылара ашьҭахь, хатәгәаԥхарала апроект аанлыжьит.
Ажәабжьқәа зегьы
0