Сангәлиа игәалаиршәеит Шәарах Ԥачалиеи иареи раԥхьатәи реибабара шыҟалаз
© Sputnik
"Шәарах Ԥачалиа ихәмаршьа, иара иҟазара атәы ажәабжьқәа саҳахьан саныхәыҷыз, аха сара смаҷын, уи усҟак ибаны еилыскаартә сыҟамызт. Хаҭала иареи сареи ҳанеибабаз Аҟәа аҵара санҭаз аамҭазы атеатр аҿы саннеи ауп. "Ахра ашәа" ақәыргыламҭа азыҟарҵон, убра ҳаларҵеит ҳаргьы. Зны акулис аҿы аӡәы иҟамчы аԥҟацаҳәа абжьы гон, сара иџьшьаны уи сихәаԥшуан, анаҩс Шәарах Ԥачалиа иааигәаны дыздыруаз исарҳәеит, уи иара шиакәыз. Шәарах асценахь дцәырҵаанӡа заа иҽазыҟаиҵоит, асцена иқәламҭаз Анцәа диҳәон, илахь, иџьамшь ааӡатәны дындәықәлон. Нас уи дфырхаҵан, ахәаԥшцәа иааирԥшуаз ароль агәра рымгар ауамызт", - еиҭеиҳәеит Сангәлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.