Арадио

Sputnik акорреспондент еиҭеиҳәеит уажәазы Аҟәа ҩ-троллеибуск шракәу иныҟәо

Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба шьыжьнаҵы еиликаауан аҳҭнықалақь аҿы апассаџьыртә транспорт аусушьа, иарбан уадаҩрақәоу уи аганахьала ауааԥсыра ирымоу.
Sputnik
Sputnik акорреспондент еиҭеиҳәеит уажәазы Аҟәа ҩ-троллеибуск шракәу иныҟәо

"Ашьыжь инаркны Аҟәа атранспорт аусура аанкылан: атаксиқәа, автобусқәа, атроллеибусқәа, аха еиҭашьақәыргылан ҩ-троллеибуск рныҟәара, аха ахырхарҭақәа зегь рыла акәымкәа, Аҳабла ҿыци-аџьырмыкьеи ала. Аҟәа атроллеибустә станциа аиҳабы Иури Барганџьиа иажәақәа рыла уи мзыс иамоу, аоппозициа имҩаԥнаго амитинг ауп. Иацы шьыбжьышьҭахь Кьалашәыр аганхьала ауаа рацәахеит аҟынтә, уахь атроллеибусқәа рныҟәара аанкылан, уи анаҩс егьырҭ ахырхарҭақәагьы. Ахырхарҭақәа зегьы рыла жәаҩа троллеибус аус рураны иҟазҭгьы, уажәы ҩба роуп иныҟәо", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.