Венесуела 130 миллиард доллар ацәыӡит ЕАА асанкциақәа ирхырҟьаны

Каракас Вашингтон 2015 шықәса рзы иаланагалаз аекономикатә санкциақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа аԥхьаӡеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21–Sputnik. Урыстәыла иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Карлос Рафаель Фариа Тортоса иҳәеит Венесуела иазыҟаҵоу аекономикатә блокада иахҟьаны иаиуз афинанстә цәыӡқәа 130 миллиард доллар рҟныӡа ишынаӡо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Арҭ аԥарақәа рыла Венесуела иалшон 9 шықәса проблемада анхара, иҳәеит адипломат.

Венесуела иаҿагыло ЕАА асанкциақәа аус руеит 2015 шықәса хәажәкырамза аахыс, ЕАА ахада Барак Обама Венесуелантәи америкатәи адипломатцәа ралцара аҭакс иалеигалазар аахыс. Уи аахыс асанкциақәа изныкымкәа идырҭбаахьан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ЕАА арҭ асанкциақәа еиҳагьы иарӷәӷәеит.