Зеленски Иреиҳаӡоу Арада аҿҳәара ааиаанӡа еимирпит

Зеленски Украина ахадак иҳасаб ала иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит лаҵара 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Украина ахада ҿыц Владимир Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина Иреиҳаӡоу Арада заанаҵы ишеимирпуа азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Зеленски иҭоубашьҭаҵара амҩаԥгара иазкны Порошенко адҵа инапы аҵеиҩит

"Сара Иреиҳаӡоу Арада аабатәи ааԥхьара еимырпызарц адҵа ҟасҵоит. Хьӡы-ԥша амаз Украина!", - иҳәеит иара.

Ашәахьа ашьыжь имҩаԥысит Украина ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара.

Изаамҭанытәиу Иреиҳаӡоу Арадахь алхрақәа сынтәа жьҭаарамзазы имҩаԥгахароуп.

Уи адагьы атәыла ахада ҿыц адепутатцәа рыламкьысра рхыхтәуп, изакәанымкәа амалырҳаразы ашьауӷаз азакәан адкылара аҭахуп, алхратә закәанеидкыла алагалатәуп ҳәа иҳәеит.

Зеленски ихьӡала алхрақәа аҩбатәи ртур аан рыбжьы рҭиит 73,22% алхыҩцәа.