Аполитолог Ҳагба: аоппозициа амчраҿы анеиразы илныхуа амҩа аԥсуаа зегьы ирныруеит
© Sputnik
Аполитолог агәаанагара ааирԥшит алхрақәа рахыгара азакәан аилагара ианыԥшуамызт, аха ес-хәышықәса ақәгыларақәа рымҩаԥгаразы ашьццылара аполитикатә культура иҽеимкәа ианыԥшуеит ҳәа.
"Сара сгәаанагарала адиалог ахь ииасроуп, аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргароуп. Ас еиԥш аҿырԥштәқәа ақәгыларақәа рганахьала аҳәынҭқаррақәа рҟны ирацәоуп. Азинтә шәага-загақәа реилагара зынӡа иҟалаӡом. Амчраҿы мчыла унеир ҟалозар, даҽа џьоукгьы рхы иадырхәар алшоит", - ҳәа азгәеиҭеит аполитолог.
Иара иҳәеит аоппозициатә мчқәа рԥыза игәабзиара иахҟьаны иҟалаз ахҭысқәа зегьы ргәы ишалоу. Аха убри аан аоппозициа ахықәкы хада амчраҿы анеира, уи азы илырхуа амҩа акырӡа аҵанакуеит .
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.