Гәыргәлиа: ауаажәларратә ҭагылазаашьа Аҟәа адиспансеризациа амҩаԥысшьа анырра анамҭеит
© Sputnik
"Ауааԥсыра адиспансеризациа шымҩаԥысуа атәы рылаҳәан. Амчыбжь нҵәаанӡа Аҟәа ақалақь ауааԥсыра иҟәынхо зегьы Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахыбраҿы имҩаԥыслоит. Ауаа ибзиан иааиуеит, ирацәаҩуп. Акызаҵәык ҳгәы еихьызшьуа иааиуа ахәыҷкәа рыцӡам, ауааԥсыра ахәыҷтәы ҳақьым дшыҟоу аинформациа рымамзар ҟалап, аха иахьа ари азҵаара ӡбан. Ауаажәларратә ҭагылазаашьа адиспансеризациа амҩаԥысшьа анырра анамҭеит", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.