Владимир ақалақь аҿы атерракт зыхәшьадуаз ҩыџьа ауаа аԥырырхит

Атеррористцәа рҽыҵәахны иахьыҟаз аҩнаҿы ирыԥшааит абџьар, аџьаԥҳаны, арԥжәагақәа, адин-екстремалтә литература.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik. Владимиртәи аобласт Кольчугино ақалақь аҿы Амилаҭтә антитеррортә еилакы аинформациатә центр иаанацҳауеит Владимир ақалақь аҿы атерракт зыхәшьадуаз ҩыџьа ауаа аԥырырхит ҳәа.

Аспецназ атеррористцәа зыҩназ аҩны иакәшаны рыҽрырҭарц адҵа ҟарҵеит, аха дара ахысра аадыртит. Аҭактә хысрала атеррористцәа шьын.

Атеррористцәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп. Дара атерракт амҩаԥгара иазыхиан.

"Аҭыԥ аҿы ирыԥшааит абџьар, аџьаԥҳаны, арԥжәагақәа, адин-екстремалтә литература", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит аконтртеррористтә операциа амҩаԥгараан ааигәатәи аҩнқәа рҟынтәи ауааԥсыра ахыган ҳәа.