"Ацынҵәарах": Аҿар ртеатр апремиера ҿыц

Sputnik

Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала аспектакль ықәныргылеит.

Аспектакль аҟнытә авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа актиорцәа ҟазарыла иаадырԥшит аҭоурыхтә хҭыс – ауыблаа рхырҵәара иадҳәалоу алахьеиқәра, ахәыцрақәа. Акыр угәы ҿнакаартә иҟаз аепизодқәа иреиуоуп ауыблаа зықәтәаз ашхәа аҟны, ан иԥсхьаз лхәыҷы длырцәошәа аныҟалҵоз, уи длымхны амшын дарымҭарц азы. Ари аепизод Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Шьышь-нани" иалху ашәа аҳәон.

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала лаҵара 22 азы апремиера мҩаԥысит. Лаҵара 23 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аҟны Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа арбара еиҭа имҩаԥнагоит. Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Аҿар ртеатр актиор Алиас Аҩӡба.

1 / 13
Аспектакль "Ацынҵәарах" Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны
2 / 13
Ахра Кәарҷиа - Шәарах Кәаӡба ироль наигӡон.
3 / 13
Шәарах Кәаӡба аубыхцәа рҟнытә аҵыхәтәантәи Заурҟан Золак диҿцәажәоит.
4 / 13
Ҳаџьы-Берзек (Мдар Саканиа) Ҳамыҭбеи Чачба (Беслан Лагәлаа) реицәажәара.
5 / 13
Ақәыргыламҭаҟны афырхацәа рышәҵатәы еинаалан.
6 / 13
Шәарах Кәаӡба Заурҟан Золак еиҭеиҳәо аҭоурыхтә хҭысқәа ашәҟәы ианыиҵоит.
7 / 13
"Ацынҵәарах" - ацәанырра ӷәӷәа узҭо қәыргыламҭоуп.
8 / 13
Аҭоурыхтә роман аҟнытә афырхацәа рхаҿсахьақәа раарԥшра рылшеит Аҿартә театр актиорцәа.
9 / 13
Алоу-иԥа Шьардын, иқәыԥшу Заурҟан Золаки.
10 / 13
Аспектакль аҟны игәырԥшаагоу асцена- амҳаџьырра иахнагаз амла иамгарцаз рыхшаара рҭиуеит аџьармыкьаҟны.
11 / 13
Ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах" х-сааҭк ицоит.
12 / 13
Актиорцәеи арежиссиорцәеи аспектакль ашьҭахь ахәаԥшцәа рҿаԥхьа.
13 / 13
Ахәаԥшцәа напеинҟьарыла ирыдыркылеит раԥхьатәи ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах".