Арадио

Логәуа Кәасҭа Ченгьелиа изы: злаф ҵарыз композитор дуун

Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Вианор Логәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Кәасҭа Ченгьелиа иашәақәа Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аԥсуа еибашьцәа рзы хәырбӷьыцны ишыҟаз.
Sputnik
Логәуа Кәасҭа Ченгьелиа изы: злаф ҵарыз композитор дуун

Аԥсуа композитор, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, иара убас апремиа "Летопись войны" иаԥсахаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахҧатəи аҩаӡара занашьоу Константин Ченгьелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз.

Ажəа аԥсы ахазҵоз: Константин Ченгелиа иԥсҭазаара далҵит 89 шықәса дшырҭагылаз

"Кәасҭа Ченгьелиа Жәлар рансамбль "Ерцахә" акыраамҭа напхгаҩыс дыҟан. Аамҭақәа аныуадаҩыз, аибашьра анцоз, ажәлар ргәы ашьҭыхразы ашәақәа аԥиҵон. Лиолиа Тәанԥҳа лажәеинраалала иҩу "Мамзышьха" мацарагьы зыԥсоузеи? Убри ахәырбӷьыц ҵас ирзыҟалап ҳәа аибашьцәа идирҳауан. Иара дкомпозитор дуун, аҿар рааӡараҿы акыр џьабаа збахьаз, зус гәыкԥсыкала иазнеиуаз ҳәа акәын сара дшыздыруаз. Агастрольқәа рахь иареи сареи акыр ҳаицныҟәахьан, илаф ҵарын, еснагь длахҿыхын. Ҳгәы иалоуп абас ауаа хәатәра дуқәа аӡәаӡәала иахьҳагхо", - ҳәа иҳәеит Логәуа.        

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.