Даӷьсҭан аибашьцәа цәгьоуцәа ргәыԥ аԥырхуп

Аиҿахысрақәа рҭыԥ аҿы иԥшаан абџьари аџьаԥҳани рацәаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Даӷьсҭан хҩык аибашьцәа цәгьоуцәа ҭархоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла антитеррортә еилакы аофициалтә саит.

Аиҿахысра аҭыԥ аиуит ареспублика Кизилиурттәи араион аҿы.

"Уаҩ дахьахымыз аҩны агәаҭараан, ақыҭа Султан-Ианги-Иурт аҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа амца рыжәҵан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Кавказ иҟоу Росгвардиа акомандаҟаҵаҩ: ашықәс иҭагӡаны 47-ҩык абоевикцәа ҭаҳархеит

Аиҿахысрақәа рҭыԥ аҿы иԥшаан абџьари аџьаԥҳани рацәаны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла антитеррортә еилакы аофициалтә саит. Иара убасгьы иазгәаҭоуп азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аграждантә уааԥсыреи рҟынтәи аӡәгьы ԥырхага рмоуит ҳәа.

Уи аԥхьа, Владимиртәи аобласт Кольчугино ақалақь аҿы Амилаҭтә антитеррортә еилакы аинформациатә центр иаанацҳаит Владимир ақалақь аҿы атерракт ҟарҵеит ҳәа ирыԥхьаӡоз ҩыџьа ауаа аԥырырхит ҳәа.

Аспецназ атеррористцәа зыҩназ аҩны иакәшаны рыҽрырҭарц адҵа ҟарҵеит, аха дара ахысра аадыртит. Аҭактә хысрала атеррористцәа шьын.

Атеррористцәа рхаҭарақәа шьақәыргылоуп. Дара атерракт амҩаԥгара иазыхиан.

Аҭыԥ аҿы иԥшаан абџьар, аџьаԥҳаны, арԥжәагақәа, адин-екстремалтә литература.