АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. 58 шықәса зхыҵуа ашьапылампыласыҩ ду иаанкылара мзызс иамоуп уаанӡа ииҩызаз аҭыԥҳа Росио Олива лышшыԥхьыӡ. Лара дашшуеит Марадона £5 млн сзимшәеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит RT, аҭыжьымҭа The Sun адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
Марадона иаанкылара ашьҭахь ихацыркхоит аусеилыргара. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 13 рзы.
Америка Марадона изку асериал ҭырхуеит>>
Уаанӡа Диего Марадона Венесуела ахада Николас Мадуро дидгыло ицәажәаразы ахараԥса идырҵахьан.
"Тампико Мадеро" аиааира ашьҭахь апресс-конференциаҿ Марадона иҳәеит ари аиааира Венесуела Николас Мадурои атәыла ауааԥсыреи ирзыскуеит ҳәа.