Шьамтәыла аруаа Идлиб ауааԥсыра ргәырҽанырҵеит арратә операциа ишалаго азы

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова уаанӡа аҳәамҭа ҟалҵахьан атеррористцәа ааҟәымҵӡакәа Идлиб шьамтәылатәи ар ирҿагылоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Шьамтәылатәи ар авертолиотқәа рҟынтәи ауааԥсыра ашәҟәыбӷьыцқәа рыларыԥсо иалагеит, апровинциа Идлиб ауааԥсыра рыҩнқәа ирхыҵырц, атеррористцәа рҟынтәи рыхрақәиҭтәразы арратә операциа иахьалаго инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ al-Watan адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Шьамтәылатәи ар авертолиотқәа рҟынтәи ауааԥсыра ашәҟәыбӷьыцқәа рыларыԥсо иалагеит, провинциа Идлиб ауааԥсыра рыҩнқәа ирхыҵырц, атеррористцәа рҟынтәи рыхрақәиҭтәразы арратә операциа иахьалаго инамаданы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ииасыз ахашаҽны авиациа рхы иархәо еибашьуан атәыла аруааи атеррористцәеи ақалақь Кафр-Набуда иахьаҵанакуаз.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, лаҵара 22 рзы "Джебхат ан-Нусра" Кафр-Набуда рнапахьы иааргарц имҩаԥыргаз ажәыларақәа хԥа аԥырҟәҟәаан. Ажәылара иалахәын 500-ҩык рҟынӡа атеррористцәа.