"Абзиараз, ашкол!": Аԥсны игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Sputnik

2019 шықәса рзы ашкол иалгеит 1889-ҩык аҵаҩцәа.

Аҵарашықәс ахыркәшара иазкны Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы имҩаԥган аныҳәатә уснагӡатәқәа. Амҩа ҿыц иқәырҵон, анасыԥи аманшәалареи рзеиӷьашьаны.

Аҵаҩцәа-аушьҭымҭацәа ракәзаргьы, акәашаратәи амузыкатәи номерқәа аздырхиеит, аҵыхәтәантәи авальси амилаҭ кәашарақәеи ддырбеит. Актәи аклассаа реиҳабацәа ашәҭшьыҵәрақәа рырҭеит.

Аҽа аамҭанык иаҩызаны имҩаԥысит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы агара Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿгьы.

1 / 12
2019 шықәса рзы ашкол иалгеит 1889-ҩык аҵаҩцәа.
2 / 12
Аушьҭымҭацәа аныҳәамш аҽны итрадициахаз акәашара «вальс» икәашон.
3 / 12
Аушьҭымҭацәа ирыдныҳәалон аҭаацәеи арҵаҩцәеи.
4 / 12
Аҟәатәи ашкол №4 аушьҭымҭацәа амилаҭ кәашара нарыгӡеит.
5 / 12
Аушьҭымҭацәа ирҳәоит аиԥырҵра шырцәыцәгьоу. Иҟоуп зылабжыш ззымҵәахуагьы.
6 / 12
"Ажәларқәа реиҩызара" акәашара нарыгӡоит Аҟәатәи ашкол №4 аушьҭымҭацәа.
7 / 12
Ихымԥадатәиу атрадициа – амаикақәа аҩырақәа рынҵара. Шьоукы рхы-рҿқәагьы рҩит.
8 / 12
Ашкол абзиараз ҳәа ахьарҳәоз иасимволхеит ажәҩан ҵаула иазыршьҭыз ампышҭа ҭарчқәа.
9 / 12
Аҵаҩцәеи акласс анапхгаҩи абзиараз ҳәа еибырҳәоит.
10 / 12
Класск аҿы аҵара еицызҵо ажәа рибаҭоит ахааназ ишкеибамыжьуазы.
11 / 12
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит абылра иацәынхаз аҩбатәи ашкол аҿгьы. Уаанӡеиԥш ашкол ашҭа иқәыҩуан ашәақәа, ажәеинраалақәа, инарыгӡон акәашарақәа.
12 / 12
10-тәи ашкол аушьҭымҭацәа