Арадио

Кәыџба: ажәлар рҟәыӷара ҳақәымгәыӷлар ауп еснагь ахынҭаҩынҭарақәа раан

Хьӡыс, насгьы ԥырхагас ианаҭозеи аҩнуҵҟатәи аилаҩеиласра итуристтәу ареспублика ҳәа ззаҳҳәо ҳ-Аԥсны? Абри азҵааразы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны игәаанагара иҳәеит зыԥсадгьыл ахь нхара игьежьыз Атаман Кәыџба.
Sputnik
Кәыџба: ажәлар рҟәыӷара ҳақәымгәыӷлар ауп еснагь ахынҭаҩынҭарақәа раан

"Аԥсныҟа ҳаныхынҳәуаз, зегь раԥхьа иргыланы, ҳамчқәа еибыҭаны аҳәынҭқарра шԥашьақәҳаргылари ҳәа ҳазхәыцуан. Излаҳалшо ала иахьагьы ҳаҟоуп ара, иаар зҭахугьы маҷӡам. Аҭагәаҭасра иахҟьаны агәынамӡарақәа шыҟоу саҳауеит, уи сара сацәшәоит. Ҳара ҳус ҳара иаҳзымӡбар, иаҳбоит Шьматәыла иҟалаз, Венесуела аҭыԥ змоу ахҭысқәа, убарҭ ҳԥылар ҳәа сшәоит. Ақырҭцәа рымацара ракәӡам, аглобализациа иахҟьаны ахҭысқәа ҳа ҳҿы имҩаԥысуа зегьы ирдыруеит.

Апровокациа амҩаԥгара иаҳа имариахо иалагеит. Уи азы ихиоуп зегьы, мцахәыҷык ауп иаҭаху. Ҳажәлар рҟәыӷара ауп уажәраанӡа ахԥибаҽҽраҟынӡа ҳназымгаз, аха уи есқьынагьы ҳнанагаӡом. Уаҵәы еиҭах қәгыларак ҟалар, иаҳԥеиԥшу ҳаздырӡом. Ас еиԥш аҭагылазаашьа иаанаго, уи зҭаху амчқәа рыргәырӷьара ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыџба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.