Франциа ААР: Лионтәи аԥжәарақәа ҟазҵаз даанкылоуп

Франциатәи АИХқәа уаанӡа адырра ҟарҵахьан Лион ақалақь аҿы иҟаз аԥжәарақәа реиҿкааҩ ҳәа агәызҩара зызрымоу ДНК аҭыԥ аҿы иԥшаан ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастанер аҳәамҭа ҟаиҵеит Лион ақалақь аҿы иҟаз аԥжәарақәа реиҿкааҩ ҳәа агәызҩара зызрымоу ахаҵа даанкылоуп ҳәа. абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ацәгьауаҩы дааныркылеит",- ҳәа иҩуеит Кастанер Twitter аҿы.

Франциа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит аполициа антитеррористтә ҟәша, Лион аӡбарҭатә полициа, аҩныҵҟатәи ашәарҭадара аусбарҭа хада русзуҩцәа русура алҵшәақәа.

Ахәаша ауха Лион ацентр аҿы аԥжәара ҟалеит. Жәаҩык рҟынӡа ауааԥсыра аахақәа роуит. Ахәашаахыс аполициа ишьҭоуп авидеорбага акамерақәа иддырбаз ахаҵа.