АҞӘА, лаҵара 27 — Sputnik. Непал аҳҭнықалақь Катманду иҟалаз аԥжәарақәа ирхырҟьаны хҩык ауаа ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит ҳәа аанацҳауеит аҭыԥантәи аҭыжьымҭа Setopati.
Аполициаа аусҭҵаара нападыркит.
Амаҵзура Ассошиэйтед Пресс аинформациала аполициаа аԥжәарақәа ахьыҟаз аҭыԥ иакәшаны иҟоуп. Ахәрақәа зауз ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.