Арадио

Ҭарба: иахьа ҳаамҭа злаҟәоу ала, ашәырҵлақәа зегьы хәышәтәтәуп

Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа ахәшә анақәҭатәу аамҭа атәы.
Sputnik
Ҭарба: иахьа ҳаамҭа злаҟәоу ала, ашәырҵлақәа зегьы хәышәтәтәуп

"Ахәышәтәразы актәи аетап цахьеит. Иахьа ҳаамҭа злаҟәоу ала ашәыр ҿаларцаз, ак ҟаларцаз, зегь хәышәтәтәуп, еиҳарак, атамеи, арасеи, аҳәасеи. Амандарина зырхәшәтәуа уи аҵыҭәа аанахәоит ауп, зегь реиҳа аҵиаа аԥырхага азҭо аӡы иалоу алцәцәаан изфо убри ауп. Убри аныумхәышәтә жәа-шықәса рыҩныҵҟала маднариноума, иҵәоума, иҳаума, ашәыр амшьыр ауӡом. Аиха атыҩшаҵәыҵәџьыка иашьуа аҵыҭәа ауп, аԥсҭҳәысҭра акәзар, изашьуам. Акьыргьы захьыршьуа аҵиаа ашьапы цқьахарцаз ауп. Аҩбатәи ахәшәтәра аҭахуп иҿалаз ашәыр џьара расак ианаҟарахалак. Абӷьгьы иамоуп ачымазара, уи умбар ҟалаӡом, иара иаҳа-иаҳа иамҽханакуеит, абӷьы анеиқәаҵәахалак, уи ԥсит ауп иаанаго", - иҳәеит Ҭарба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.