Арадио

Начҟьебиа Колумбиа ацәыргақәҵа иалахәхара атәы: ихадоу Аԥсны аӡбахә ахьраҳаз ауп

Ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Колумбиа имҩаԥысуаз ашәҟәқәа Жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа Филбо иалахәхара шыҟалаз атәы.
Sputnik
Начҟьебиа Колумбиа ацәыргақәҵа иалахәхара атәы: ихадоу Аԥсны аӡбахә ахьраҳаз ауп

"Сроман "Аҵх ахықәан" аурысшәахьынтә аиспан бызшәахь еиҭалгеит Марсиа Гаска ҳәа Куба инхо аиҭагаҩ. Иреиӷьу аиҭагаҩ ҳәа дыԥхьаӡоуп, сроман лхатә гәаԥхарала еиҭалгеит. Колумбиа ашәҟәҭыжьырҭахь ирзылшьҭит, дара иргәаԥхан, иҭрыжьит. Изгәаԥхаз ҟалеит, азҿлымҳара аадырԥшит сышәҟәы аганахьала. Сынтәа ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ааԥхьара сырҭеит схы аласырхәырц, сроман аӡыргара мҩаԥаагарц, ҳаибабарц. Аиԥыларақәа хәыџьара имҩаԥысит. Аԥсны аӡбахә шамахамзар аӡәгьы ирмаҳацызт. Азҵаарақәа сырҭаанӡа, Аԥсны аҭоурых ала салагон. Дара азҿлымҳара аадырԥшуан, рыҩнуҵҟагьы иҟоуп ус еиԥш аиҿагыларақәа, аибашьра атема рзааигәоуп. Зегь раасҭа ихадоу ҳәа исԥхьаӡо Аԥсныи аԥсуааи ҳаӡбахә раҳаит, азҿлымҳара аадырԥшит", - иҳәеит Начҟьебиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.