Арадио

Сақаниа еиҭеиҳәеит Приморск аԥжәара ашьҭахь аҩнқәа рыргылара аус ахьынӡанаргахьоу

Приморск ақыҭа ахада Анзор Сақаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абџьар аҵәахырҭа аҟны ҩышықәса раԥхьа иҟалаз аԥжәара ашьҭахь ауаа аҩнқәа рзыргылара азҵаара ахьынӡаӡбоу.
Sputnik
Сақаниа еиҭеиҳәеит Приморск аԥжәара ашьҭахь аҩнқәа рыргылара аус ахьынӡанаргахьоу

"Абри ахҭыс иахҟьаны Приморск 11 ҩны аргылара иаҿын. 9-ҩнык ирыҩналеит, аԥшәмацәа агәахәара рымоуп, аҩнқәа даҽа ҩба ирыламгаӡацт. Урҭ рыҩныҵаҟа аусурақәа цоит, хара имгакәа ихыркәшахап ҳәа агәаанагара сымоуп. Урҭ рыԥшәмацәа нас рыҩнқәа ажәытәқәа рҟны иҟоуп макьана. Аҿыцқәа рҟны аусурақәа анхдыркәшалак, аҩн жәытәқәа ықәыргараны иҟоуп", - иҳәеит Сақаниа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.